Аӡиас Иордан ааигәара, Қырҭтәыла иазалырхыз адгьылҭыҧ аҿы ақырҭуа культура ацентр аргылара иазкны аиҳабыратә акомиссиа аԥҵахоит
Аӡиас Иордан ааигәара, Қырҭтәыла иазалырхыз адгьылҭыҧ аҿы ақырҭуа культура ацентр аргылара иазкны аиҳабыратә акомиссиа аԥҵахоит

Иаса Қьырса иӡӡаахра аҭыҧ аҿы, аӡиас Иордан ааигәара, Қырҭтәыла 4000 акв.м. адгьылҭыҧ иазалырхит. Апатриарх иныҳәарала, уаҟа ақырҭуа культура ацентр ҳаргылоит. Аақырҭуа культура ацентр аргылара иазкны аиҳабыратә акомиссиа аԥҵахоит, – иҳәеит иахьа имҩаԥгаз аиҳабыра реилатәара аҿы аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

Аԥыза-министр ари аус аҿы апатриарх илагала ду дахцәажәеит.

“Даҽазнык иҭабуп ҳәа расҳәоит иаҳаракыра Иорданиа аҳ Абдула аҩбатәии апринц Газии, Иерусалим Апатриарх Ҭеофили, Иорданиа архиепископ Христофори, ҳаиҳабыреи, ҳацҳаражәҳәара аусзуҩцәеи, Иорадниа иҟоу ҳацҳаражәҳәаҩ, ҳаҭыр зқәу Заза Канделакии, ари аус иалахәыз егьырҭ ауааҧсырагьы ҷыдала ҭабуп ҳәа расҳәоит.

Аӡиас Иордан ааигәара, Қырҭтәыла азалырхыз адгьылҭыҧ аҿы ақырҭуа культура ацентр аргылара иазкны аиҳабыратә акомиссиа аԥҵахоит. Акомиссиа аусура рхы аладырхәоит апатриархиа хаҭарнакцәагьы, хаҭала, аҷҟәандар Шио, аҷҟәандар Герасим, аҷҟәандар Давиҭ, аҷҟәандар Ҭеодоре, адикәан Андриа Џьаӷмаиӡе.