Аҵара аминистра - Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ахатәы бызшәала аҵара аиуреи, ахәыҷқәа ринтересқәеи егьырҭ ашьаҭатәи зинқәеи рыхьчареи рзы Ақырҭуа ган иалшо зегь ҟанаҵоит
Аҵара аминистра - Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ахатәы бызшәала аҵара аиуреи, ахәыҷқәа ринтересқәеи егьырҭ ашьаҭатәи зинқәеи рыхьчареи рзы Ақырҭуа ган иалшо зегь ҟанаҵоит

Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рминистра Гал араион иҟоу ашколқәа рҿы ақырҭуа бызшәала аҵара аиура иазку аԥкра иадхәаланы агәыԥжәара аанарԥшуеит, – иануп аминистра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы

“Гали Ахалгории ирықәынхо ауааԥсыра ашьаҭатәи рзинқәа рхатәы бызшәала аҵара аиура аганахьала иҟоу аилагарақәа ҳара ҳзы адкылашьа амам, ари  жәларбжьаратәи апринципқәеи анормақәеи еиланагоит.

Гал араион аҟны ақырҭуа бызшәала аҵара аиура иазку аԥкра иазкы иашьашәалоу аусҳәарҭақәа аимадара рымоуп Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиа аицхантәаҩцәеи Қырҭтёыла иҟоу Евроеидгыла анаԥшратә миссиа хаҭарнакцәеи рҟны.

Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ахатәы бызшәала аҵара аиуреи, ахәыҷқәа ринтересқәеи егьырҭ ашьаҭатәи зинқәеи рыхьчареи рзы Ақырҭуа ган иалшо зегь ҟанаҵоит,” – иануп аҳәамҭа аҿы.