Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра Мцхеҭа имҩаҧысуа аоперациа ҷыда акадрқәа аланарҵәоит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра Мцхеҭа имҩаҧысуа аоперациа ҷыда акадрқәа аланарҵәоит. Аусбарҭа адыррақәа рыла, ашасцәа ргара ахарадҵара ала ҧшьҩык аанкылоуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ацентртә акримминалтә полициа адепартамент ацәгьаура аҿагылара аҟәша хада хаҭарнакцәеи, Шида Қарҭли аполициа департамент аусзуҩцәеи, апрокуратура хада аҽахарнакцәеи еицымҩаҧырган аоперативтә усҧшааратә усмҩаҧгатәқәа раан иааныркылеит 1991 ш. ииз Б.Б., 1993 шықәсазы ииз З.М,, 1985 ш. ииз Ҭ.Ш., 1989 ш. ииз Ҭ.Р.

Аусҧшаара адыррақәа рыла, ацәгьауцәа сынтәа, абҵара 22 рзы, Қарҭ, аметроааҭгылара “Ахметели итеатр” иахьаҵанакәа 1984 шықәсазы ииз В.М. шасыс дырган, иуацәа 7000 доллар аагара рыдырцалеит.

Аполициа хаҭарнакцәа В.М. ихақәиҭтәра рылгеит.

Ауаҩы шасыс игара инамаданы ашьауҕатә усеилыргара хацыркуп Қырҭтәыла Ашьауҕатә Кодекс 144 -тәи ахәҭаҷ аҩбатәи ахәҭа а”‘апункт ала .