Асасааирҭа "Лер гранд" абылра ашьҭахь - авидеонҵамҭа

Актәи аканал асасааирҭа”Лер гранд”  аҩбатәи амш аҽны иҭыху авидеокадрқәа аиуит.

Баҭым, асасааирҭа “Лео гранд”  аҿы иҭахеит 10-ҩык Қырҭәтыла атәылауаа, аӡәы – Џьамтәыла атәылауаҩ.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, ахәшәтәырҭахь инагоуп 21-ҩык ауааҧсыра, урҭ рыҧсҭазаара ашәарҭа иҭагылам. Ахәрақәа роуз дреиуоуп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рхылаҧшра агентра аиқәырхара абылрацәыхьчаратә  бригада ахаҭарнак.

Асасааирҭа “Лео гранд” абылра афакт инамаданы ус хацыркуп Қырҭтәыла Ашьауҕатә Кодекс  243-тәи ахәҭаҷ ахҧатәи ахәҭа ала.

Баҭым, асасааирҭа “Лео гранд”  амца цралеит абҵара 24 рзы. “Лео грaнд” aҭыҧ змaз aбылрaaн иҭaхaз aуaa рaҳaҭыр aзы, Қырҭәтылa Аҧызa-министр Гьaргь Квирикaшвилии қырҭәтылa Аиҳaбыреи рыӡбaрa инaқәыршәaны, 2017 шықәсa aбҵaрa 27 aлaхьеиқәҵaрaтә мшны ирылaҳәан.