Сингапуртәи аметрополитен аҿы адәыҕбақәа реинҟьараан аахақәа роуит 23-ҩык

13:18, 15.11.2017

Сингапуртәи аметрополитен аҿы адәыҕбақәа реинҟьараан аахақәа роуит 23-ҩык рҟынӡа ауааҧсыра. Аахақәа зауз ахәшәтәырҭахь инагоуп.

Аинцидент аҭыҧантәи аамҭала 8:30 рзы иҟалеит.

Аметрополитен администрациа ҟанаҵаз аҳәамҭала, амашәыр атехникатә персонад  игха иахҟьаны иҟалеит. Макьана идырым ахара зду дызусҭада.

Еиԥшу