Иракли Кобахиӡе Адунеитә регби аиҿкаара ахада диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Адунеитә регби аиҿкаара ахада Брет Робинсон диҧылеит.
Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун Адунеитә регби аиҿкаара аҟны акыршықәсатәи иқәҿиароу аусеицура, уи шьақәнарҕәҕәоит аҿартә Адунеитә чемпионат Қырҭтәыла амҩаҧгара афакгьы. Аиҳабыра рнапхгаҩы Адунеи арегби аиҿкаара ахада изышьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла апартниорра ҕәҕәа анагӡара ишазыхиоу.
Ишазгәаҭаз ала, регби Қырҭтәылазы иалкаау аспортхкқәа иреиуп, наҟ-наҟ ари аспортхкы аҿиара атәыла аиҳабыра рзы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп. Ари аганахьала, хшыҩзышьҭра рызун арегби аинфраструктура аҿиареи ари ахырхарҭала имҩаҧысуа, иара убас, инарыгӡараны иҟоу апроектқәеи. Убри адагьы, аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла аиҳабыра адунеитә аҩаӡара иашьашәалоу арегби аинфраструктура аҧҵара ишазҿлымҳау, насгьы, еиҧҟьарада афинансыркра аизырҳара ала ақырҭуа регби жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалазарц аҟаҵара азҵаара аҵакы ду анаршьоит.
Аиҧылара рхы аладырхәит Арегби азы жәларбжьаратәи афедерациа ахада Девид Қариги, Қырҭтәыла аспорт азы аминистр Шьалуа Гоголаӡеи, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании, Қырҭтәыла Арегби азы аидгыла ахада Давиҭ Каҷаравеи.