Аҧыза-министр Қырҭтәыла аиҳабыра рфинанстә цхыраарала аҧхынтәи алагерь аҿы зыҧсы зшьо аукраин хәыҷқәа дырҧылеит 

10:45, 28.06.2026

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Давиҭ Сонҕулашвилии, аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Леван Ҕирсиашвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи лхаҭыҧуаҩ Гьаргь Зурабишвилии дрыцны, Қырҭтәыла аиҳабыра рфинанстә цхыраарала аҧхынтәи алагерь аҿы зыҧсы зшьо аукраин хәыҷқәа дырҧылеит. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы  ахәыҷқәа шьыбжьхьаҿы идикылеит. 

Раҧхьатәи аетапаз алагерь иаҭааит арбџьармчқәа рмаҵзуҩцәа рхылҵи, аибашьра амшала  ииаҭымхаз ахәыҷқәеи, урҭ ирыцу ауааҧсыреи Киевынтә,  дара жәамш ирылагӡаны, еиуеиҧшым акультура-арккаратәи агәырҿыхаратәи усмҩаҧгатәқәа рхы рыладырхәоит. Иара убас, алагерь асасцәа рзы еиҿкаахоит Қарҭи,  Бодбеи, Сиӷнаӷии, Ҭелавии рҿы аекскурсиақәа. 

Ҧхынгәы 4-15 рзы алагерь иаҭаауеит аҩбатәи агәыҧ – Амилаҭтә гвардиа арратә маҵзуҩцәа рхылҵ Сумынтә.  

Еиԥшу