Зураб Азарашвилии Аҧснытәи автономтә республика ахантәаҩи ахҵәацәа анхарҭақәа рыла  реиқәыршәара иазку апроектқәа ирылацәажәеит
Зураб Азарашвилии Аҧснытәи автономтә республика ахантәаҩи ахҵәацәа анхарҭақәа рыла  реиқәыршәара иазку апроектқәа ирылацәажәеит

 

Қырҭтәыла аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистр Зураб Азарашвили Аҧснытәи автономтә республика ахантәаҩы Руслан Абашиӡе диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ахҵәацәа анхарҭақәа рыла реиқәыршәара иазку апроектқәа ирылацәажәеит.

Агәабзиарахьчара аминистр ишиҳәаз ала, аминистрра ари ахырхарҭала активла аусура иаҿуп, сынтәа ахҵәацәа рыхәҭак анхарҭақәа роуеит.

Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Илиа Гудушаурии, Аҧснытәи автономтә республика ахҵәацәа русқәа рзы аминистр Давиҭ Ҧацациеи, Аҧснытәи автономтә республика агәабзиарахьчара аминистр Леван Чакветаӡеи.