Зыхьӡ дырым ауаҩҧсы Ҭырқәтәылеи Сириеи адгьылҵысра амшала азарал зауз ауааҧсыра хәыда-ҧсада  30 миллион адоллар рзоуишьҭит
Зыхьӡ дырым ауаҩҧсы Ҭырқәтәылеи Сириеи адгьылҵысра амшала азарал зауз ауааҧсыра хәыда-ҧсада  30 миллион адоллар рзоуишьҭит

Пакистан аҧыза-министр иҳәамҭала, Пакистан тәылауаҩк Америка иҟоу Пакистан ацҳаражәҳәарҭашҟа днеины,  Ҭырқәтәылеи Сириеи адгьылҵысра амшала азарал зауз ауааҧсыра хәыда-ҧсада  30 миллион адоллар  рзоуишьҭит. Ари аинформациа аланарҵәеит  CNN.

Пакистан аҧыза-министр  Шебаш Шариф  ари атәы иҩит  Twitter аҿы.

«Сара ари афакт гәыкала сеигәырҕьеит.  Пакистан тәылауаҩк Америка иҟоу Пакистан ацҳаражәҳәарҭашҟа днеины,  Ҭырқәтәылеи Сириеи адгьылҵысра амшала азара зауз ауааҧсыра хәыда-ҧсада  30 миллион адоллар  рзоуишьҭит», — иҩит Пакистан аҧыза-министр.