Змҽхак ҭбаау аҿагыларатә акциақәа рфон аҿы, Бангладеш аԥыза-министр  лнапынҵақәа шьҭалҵеит
Змҽхак ҭбаау аҿагыларатә акциақәа рфон аҿы, Бангладеш аԥыза-министр лнапынҵақәа шьҭалҵеит

Змҽхак ҭбаау аҿагыларатә акциақәа рфон аҿы, Бангладеш аԥыза-министр Шеих Ҳасина   лнапынҵақәа шьҭалҵеит. Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, атәыла аҳҭнықалақь Дакка аҿы аҿагыларатә акциа алахәылацәа аԥыза-министр лрезиденциа иақәлеит.

Мраҭашәаратәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, Шеих Ҳасина Бангладешынтә дықәҵит.

Нанҳәа 4 рзы аҿагыларатә ациа алахәылацәеи аполициа хаҭарнакцәеи реиҿагылараан 90-ҩык ҭахеит, урҭ иреиуп 13-ҩык азакәанхьчаҩцәа.

Бангладеш аҿагыларатә акциақәа ԥхынгәы азы иалагеит. Адемонстрантцәа аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҿы аквотақәа рсистема аԥыхра идҵаны иқәдыргылоит. Ԥхынгәы инаркны иахьанӡа аҿагыларатә акциақәа рҿы иҭахеит 290-ҩык.

Шеих Ҳасина Бангладеш аиҳабыра 2009 шықәса инаркны дахагылан.