Жозеп Боррелль – Адырра ҟаҳҵароуп урыстәылатәи аҳәаа мраҭашәарахьала, европатәи аконтинент аҿы, Евроеидгыла иалоугьы иаламгьы  атәылақәа ишеидгыло
Жозеп Боррелль – Адырра ҟаҳҵароуп урыстәылатәи аҳәаа мраҭашәарахьала, европатәи аконтинент аҿы, Евроеидгыла иалоугьы иаламгьы  атәылақәа ишеидгыло

«Адырра ҟаҳҵароуп урыстәылатәи аҳәаа мраҭашәарахьала, европатәи аконтинент аҿы, Евроеидгыла иалоугьы иаламгьы  атәылақәа ишеидгыло, уи аҵакы ду амоуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Еврокомиссиа авице-ахада Жозеп Боррель Прага,  Евроеидгыла алидерцәа иформалым реиҧылара иалагаанӡа.

Иара иажәақәа рыла,  Евроеидгыла иалоугьы иаламгьы аҳәынҭқаррақәа,  Урыстәыла иаҿагыланы еидгылеит.

Иара убас,  Боррель ишазгәеиҭаз ала,  Украина ацхраареи Европа изҭагыло аенергетикатә кризис алҵразы иҟоу алшарақәеи  иахьрылацәажәо иахьатәи аиҧылараҿы афымца ахә ладырҟәыроуп, «уи аекономикатә еиҧшҵәҟьа,  аполитикатәгьы ҵакы змоу зҵаароуп».

Боррель ишазгәеиҭаз ала, «аенергетика –  адунеи аҿы абаланси амчи аиҭеизшара иадҳәалоу агеостратегиатә зҵаароуп».