Жозеп Боррель – Ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла Ахеилак адырга ҳнаҭароуп ҳара Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи ревроинтеграциазы аҽазыҟаҵара ҳалагарц
«Ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла Ахеилак адырга ҟанаҵароуп ҳара Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи ревроинтеграциазы аҽазыҟаҵара ҳалагарц», — иҳәеит адәныҟатәи аусқәеи ашарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель.
«Ишыжәдыруа ала, ҳазну амчыбжь азы Евроеидгыла Ахеилак адырга ҳнаҭароуп ҳара Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи ревроинтеграциазы аҽазыҟаҵара ҳалагарц. Ари адырга ҕәҕәоуп. Уи, ҳамчи, ҳакзаареи, абарҭ атәылақәа ирзааҳарҧшуа адгылареи ҳасабала, Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи мацара акәымкәа, ҳҳәаақәа рынҭыҵгьы ираҳароуп», — иҳәеит Боррель.