Жозеп Боррель - Гаагатәи аӡбарҭа аԥҟаԥҵа иақәшаҳаҭхаз аҳәынҭәаррақәа зегьы аӡбарҭа аӡбарақәа рынагӡара ируалуп
Жозеп Боррель - Гаагатәи аӡбарҭа аԥҟаԥҵа иақәшаҳаҭхаз аҳәынҭәаррақәа зегьы аӡбарҭа аӡбарақәа рынагӡара ируалуп

Гаагатәи аӡбарҭа аԥҟаԥҵа иақәшаҳаҭхаз аҳәынҭәаррақәа зегьы аӡбарҭа аӡбарақәа рынагӡара ируалуп, – асоциалтә каҭаҿы иҩит Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Жозеп Боррель.

“Сара, Жәларбжьаратәи ашьаустә аӡбарҭа апрокурор заанаҵтәи аӡбарамҩаԥгара апалатахь Израиль аԥыза-министр Ҳан Бениамин Нетаниаҳуи, Израиль атәылахьчара аминистр Иоава Галанти “Ҳамас” хҩык алидерцәа – Газа асектор аҿы “Ҳамас” аиҳабы Иаҳиа Синвари, агәыԥ арратә хәҭа анапхгаҩы Муҳаммед Аль-Диефи, “Ҳамас” аполитикатә аиҳабы Исмаил Ҳаниеи рбаандаҩтәразы азыҳәа анашьҭра иазкны идикылаз аӡбамҭа ҳасаб азызуоит. Гаагатәи аӡбарҭа аԥҟаԥҵа иақәшаҳаҭхаз аҳәынҭәаррақәа зегьы аӡбарҭа аӡбарақәа рынагӡара ируалуп”, – иҩит Боррель.

ВВС аинформациа ала, Карим Хан заанаҵтәи аӡбарамҩаԥгара апалатахь азыҳәа наишьҭхьеит Израиль аԥыза-министр Ҳан Бениамин Нетаниаҳуи, Израиль атәылахьчара аминистр Иоава Галанти “Ҳамас” хҩык алидерцәа – Газа асектор аҿы “Ҳамас” аиҳабы Иаҳиа Синвари, агәыԥ арратә хәҭа анапхгаҩы Муҳаммед Аль-Диефи, “Ҳамас” аполитикатә аиҳабы Исмаил Ҳаниеи рбаандаҩтәразы аордер аҭыжьра иадҳәаланы.