Жозеф Боррель - Аурыс мчқәа гыгшәыграла рхы мҩаԥгара аанкылатәуп, Украина жәларбжьаратәи азин еилазго зегьы ирықәнаго рықәыршәахоит 
Жозеф Боррель - Аурыс мчқәа гыгшәыграла рхы мҩаԥгара аанкылатәуп, Украина жәларбжьаратәи азин еилазго зегьы ирықәнаго рықәыршәахоит 

 

Аурыс аруаа рҟынтә ихақәиҭыртәыз Изиум ақалақь аҿы Украина анапхгара рыла 440-ҩык ауаа рыԥсыбаҩқәа ахьжыз амассатә нышәынҭра аԥшаара Евроеидгыла аршанхеит, –  ианупАдәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Евроидгыла иреиҳаӡоу акмиссар Жозеф Боррель иҳәамҭаҿ.

„Ари агәымбылџьбара ҳаҿагылоит. Украина аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго агрессиатә аибашьра Украина зегь аҿы аилаҳареи ашьеи рышьҭа ааннажьуеит. Зықьҩыла атәылауаа иршьит, зықьҩыла ауаа агәаҟра ду, амчылара, асексуалтә мчылара, амҵарсра рхыргеит. Аурыс мчқәа ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәым рхымҩаԥгашьа зыԥшра ҟамҵақәа аҟәыҵроуп,  жәларбжьаратәи  агумантитартә зини Женеватәи аконвенциақәеи еилазго зегьы, Урыстәыла аполитикатә напхгара зегьы ирықәнаго рықәыршәоит”, – иануп Боррель иҳәамҭа аҿы.