Жозеф Борели – Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа аполиаризациа иахьыӷәӷәахо ҳгәы ԥнажәоит, уажәы атагылазаашьа аҭыԥқәқаразы, адеескалациазы апартиақәа ирылго зегь ҟарҵароуп
Жозеф Борели – Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа аполиаризациа иахьыӷәӷәахо ҳгәы ԥнажәоит, уажәы атагылазаашьа аҭыԥқәқаразы, адеескалациазы апартиақәа ирылго зегь ҟарҵароуп

Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа аполиаризациа иахьыӷәӷәахо ҳгәы ԥнажәоит, уажәы атагылазаашьа аҭыԥқәқаразы, адеескалациазы апартиақәа ирылго зегь ҟарҵароуп, – Қырҭтәыла азҵаара иадҳәалоу Европарламент апленартә сессиаҿ ақәгылараан иҳәеит Қырҭтәыла азҵааразы ажәахәҟаҵаҩ, адәныҟатәии ашәарҭадаратәи зҵаарақәа рзы еврокомиссар иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа вице-ахада Жозеф Борели.

Борели иажәақәа рыла, аганқәа акомпромис аҟынӡа инеироуп.

«Қырҭтәыла Евроеидгылазы аԥхьагылареи ассоцииреи змоу партниорс иаанхоит. Ҳареи Қырҭтәылеи амбициа змоу асоциира иазку еиқәшҳаҭра ҳабжьоуп. Аха иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа аполиаризациа иахьыӷәӷәахо ҳгәы ԥнажәоит, ари аҭагылазаашьа адемократиа ашәарҭа ҭаднаргылоит. Аҭагылазаашьа аҭыԥқәқаразы, адеескалациазы апартиақәа ирылго зегь ҟарҵароуп. Европатәи ахеилак ахада Қырҭтәыла атәыла ахадеи, аԥыха-министри аоппозициеи дырԥылеит. Хара имгакуа Қырттәыла даҭаауеит Кристиан Дениелсон. Ақырҭуа партиақәа рҟынтә адиалог апрогресс ҳазыԥшуп. Ари апроцесс ҳацклаԥшуеит,» – иҳәеит Жозеф Борели.