Жәыргьыҭ ахҵәацәа рзы 1700 анхарҭақәа дыргылараны иҟоуп, – аарыцҳаит Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтә.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи Қырҭтәылa Импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистр Михеил Сарџьвелаӡеи, аилахәыра “Анаги” адиректор хада Иракли Гоголашвилии аргылара азалху аҵакырадгьыл гәарҭан, анхарҭатә корпус ҿыц аргылара ауасхыр асимволтә капсула аҵарҵеит.