Жәларбжьратә ареспубликатә инстиут адиректор Ден Тваининг - Адемократиатә алхрақәа рымҩаԥгараҿ ақырҭуа жәлар ацхыраара рыҭара ҳазыхиоуп
Жәларбжьратә ареспубликатә инстиут адиректор Ден Тваининг - Адемократиатә алхрақәа рымҩаԥгараҿ ақырҭуа жәлар ацхыраара рыҭара ҳазыхиоуп

Адемократиатә алхрақәа рымҩаԥгараҿ ақырҭуа жәлар ацхыраара рыҭара ҳазыхиоуп, – иҳәеит Жәларбжьратә ареспубликатә инстиут адиректор Ден Тваининг ажурналистцәа данрацәажәоз.

Тваининг иажәақәа рыла, Жәларбжьратә ареспубликатә инстиут аанаԥшцәа атәыла амасштаб ала алхрақәа рпроцесс иацклаԥшуеит.

“Ҳара Жәларбжьратә ареспубликатә инстиут аҟынтә Қырҭтәыла иҟоу анаԥшартәмиссиа ҳалоуп. Амиссиа аделегатцәа роуп ЕАШ ԥасатәи аконгрессмен Џьон Шикмуси, Швециа апарламент алахәыла Маргарета Седерфельди. Адемократиатә алхрақәа рымҩаԥгараҿ ақырҭуа жәлар ацхыраара рыҭара ҳазыхиоуп. Жәларбжьратә ареспубликатә инстиут аанаԥшцәа атәыла амасштаб ала алхрақәа рпроцесс иацклаԥшуеит”,  – иҳәеит  Ден Тваининг.