Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт 2024 шықәса жьҭаара 26 рзы имҩаԥысран иҟоу апарламенттә алхрақәа инамаданы, жәларбжьаратә анаԥшратә миссиа аусура хацнаркуеит
Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт (IRI) аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Қырҭтәыла 2024 шықәса жьҭаара 26 рзы имҩаԥысран иҟоу апарламенттә алхрақәа инамаданы, жәларбжьаратә анаԥшратә миссиа аусура хацнаркуеит. IRI 20-ҩык анаԥшцәа мызқәак ирылагӡаны атәыла аҵакыраҿ алхратә ҭыԥқәа рҿы аусура иалагоит.
Алхратә процессқәа ирылахәу аганқәа зегьы атәылаҿ жәларбжьаратә анаԥшратә миссиа ахаҭарнакцәа рыҟазааразы иаратуп.
“Анаԥшцәа алхатә кампаниа иалагаанӡа русзура хацыркуеит”, -иҳәеит Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт Евроазиатәи арегион адиректор Стивен Никс.
Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт анаԥшцәа рмиссиа нагӡахоит Жәларбжьаратәи анаԥшратә принципқәа ирызку Ажеклараца инақәыршәаны.