Жәларбжьаратә авалиутатә фонд - Кавкази Ацентртә Азиеи атәылақәа рыбжьара апроблематә узқәымгәыҕуа акредитқәа рпроцент зегьы реиҳа илаҟәып Қырҭтәылаҿ
Жәларбжьаратә авалиутатә фонд адыррақәа рыла, Кавкази Ацентртә Азиеи атәылақәа рыбжьара апроблематә узқәымгәыҕуа акредитқәа рпроцент зегьы реиҳа илаҟәып Қырҭтәылаҿ.
Иахьа ицәыргаз аиҿкаара аҳасабрба инақәыршәаны, Қырҭтәылаҿ апроблематә кредитқәа рыхәҭа 12 наӡына иаҟароуп, узқәымгәыҕуа акредитқәа — 2,5 наӡына. Абарҭ арбагақәа 2018 шықәса лаҵарамзатәи арбагақәа раҵкыс еиҕьуп. Жәларбжьаратә авалиутатә фонд адыррақәа рыла, усҟан апроблематә кредитқәа рыхәҭа 15 наӡына ираҟаран, узқәымгәыҕуа акредитқәа 5 наӡынак иҟан.
Жәларбжьаратә авалиутатә фонд адыррақәа рыла, 2015-2018 шықәсқәа рзы Қырҭтәыла хазхаҭалатәи асектор акредитра иазҳаит 15 наӡынала, уигьы арегион аҿы иреиҕьу арбагоуп.