Кристин Лагард Қырҭтәыла лвизит аан Саломе Зурабишвилии Мамука Бахтаӡеи дырҧылоит
Кристин Лагард Қырҭтәыла лвизит аан Саломе Зурабишвилии Мамука Бахтаӡеи дырҧылоит

Жәларбжьаратә авалиутатә фонд анапхгаҩы Кристин Лагард   лаҵара  16-21  рзы Ҟазахстани, Узбекистани, Қырҭтәылеи дырҭаауеит.

Мрагылареи Ацентртә Азиеи рдепартамент анапхгаҩы  ицхырааҩ Марк  Ҳортон ишааицҳаз ала, Қарҭ аиҧылрақәа мҩаҧысуеит иреиҳаӡзоу амаҵзураҭыҧқәа аанызкыло ахаҿқәа рҟны, урҭ рыбжьара, Саломе Зурабишвилии Аҧыза министр Мамука Бахтаӡеи рҟны.

Арегионалтә турне аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа рхаҭарнакцәа аинклиузивтә азҳара аганахьала иҟоу ақәҿиарақәеи, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аинтеграциеи, аартызаареи анапхгара аиҕьтәра иадҳәалоу азҵаарақәеи ирылацәажәоит.

Марк Ҳортон иҳәамҭала, ҷыдала иазааҭгылоит „Маҟак  –  мҩак“ аинициатива аҳәаақәа ирҭагӡаны аинфраструктура арҿиара азҵаара.

Жәларбжьаратә авалиутатә фонд адиректор раҧхьаӡа акәны Қырҭтәыла даҭаауеит.