Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани ажәлар Аконституциа амш рыдиныҳәалоит
Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиани ажәлар Аконституциа амш рыдиныҳәалоит.
“Ари иреиҳаӡоу азакәан ауаажәлар алахәыла цыԥхьаӡа рыхьчара, атәыла адемократиатә аҿиаразы анормақәа рышьақәыргылара, аекномикатә хақәиҭра, асоциалтәи азинтәи ҳәынҭқарра аԥҵара ауп хықәкыс амоу.
Қырҭтәыла аконституциа аабатәи ахәҭаҷ ауаҩытәыҩса ашьаҭатәи изинқәа ирызкуп, уи инақәыршәаны Қырҭтәыла аҵакраҿ ауаҩытәыҩса изинқәа, ахақәиҭрақәа ихьчоуп. Қырҭтәыла Аконституциа 1995 шықәса нанҳәа 24 рзы Қырҭтәыла апарламент 1921 шықәсатәи Аконституциа аҭоурыхтә-зинтә ҭынхара шьаҭас аҭаны аднакылеит”, – иануп Жәлар рыхьчаҩ иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.