Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәа аиҿцәажәарақәа 57-тәи араунд иадҳәаланы аҳәамҭа ҟарҵеит
Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара асаитаҿ икьыҧхьу аҳәамҭа инақәыршәаны, аиҧылара алахәылацәа ашәарҭадареи 2022 шықәса жьҭааразы имҩаҧгаз аҵыхәтәантәи аиҧылара инаркны иахьанӡа имҩаҧгаоу агуманитартә усуреи иалацәажәеит.
«Иуадаҩу агеополитикатә ҭагылазаашьа аан, аиҧылара алахәылацәа ари апроцесс ишазҿлымҳау аарҧшны, Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рынагӡара ахымҧадара азгәарҭеит, избанзар, уи аибашьра алҵшәақәа рылацәажәара ахьрылшо аплатформа заҵәуп.
Аиҧылара алахәылацәа амш аусхәаҧштә апункт хадазы изеиқәшаҳаҭымхеит. Рыцҳарас иҟалаз, алахәылацәақәак иҟарҵаз апротест амшала, ахҵәацәа ирызку атема инагӡаны изаламцәжәеит.
Аицхантәаҩцәа адискуссиа алахәылацәа ирарҳәеит Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа анеҩстә араунд 2023 шықәса ҧхынгәы агәҭаны имҩаҧыргараны ишыҟоу, дара алахәылацәа зегьы рҟынтә ақәшаҳаҭхара иазыҧшуп», — иануп аҳәамҭаҿы.