Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа анеҩстәи араунд хырҧоуп мшаҧымзанӡа
Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа анеҩстәи араунд хырҧоуп мшаҧымзанӡа

Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа анеҩстәи араунд хырҧоуп мшаҧымзанӡа. Ари атәы ааицҳаит Аахыҵ Кавказаҿ Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда  Тойво Клаар.

«Женеватәи адискуссиақәа анеҩстәи араунд ахырҧара ҳақәшәеит, аха, уи аҽалархәра ҳазыхиоуп», — иҩит  Клаар  Twitter аҿы.

Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәа рҳәамҭа ишану ала,  анеҩстәи араун  мҩаҧысраны иҟан  2023 шықәса жәабран анҵәамҭаз, аха, уи мшаҧымзанӡа ихырҧоуп.

«Аицхантәаҩцәа ишьақәдырҕәҕәоит аконсультациақәа рылахәызаара ишазыхиоу», —  иануп аҳәамҭаҿы.