Жәабран 6-нӡа Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит
Жәабран 6-нӡа Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра жәабран 3-5 рзы амш зеиԥшрахо адырра аланарҵәеит. Аԥсабаразы амилаҭтә агентра аинформациала, жәабран 6-нӡа Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит

Жәабран 6-нӡа мрагыларатәи мраҭәашәаратәи Қырҭтәыла регионқәак рҿы ақәеи асы леир ҟалап.

Қарҭ жәабран 5 рзы асы леир ҟалап, аҳауа аԥхарра ҽынла +7, +9  градус иаҟарахоит. Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ) жәабран 6-нӡа ақәа леиуеит.  Аҳауа аԥхарра ҽынла  +8, +10 градус иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) ажьырныҳәа 30 рзы асы леир ҟалап, жәабран 2-нӡа аҳауатә лышәшәақәа ҟалом.  Аҳауа аԥхарра ҽынла +6, +8 7 градус иаҟарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало): жәабран 6-нӡа аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла +6, +8  градус иаҟарахоит.