Жәабран 2-нӡа Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалом
Жәабран 2-нӡа Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалом

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра аинформациала, жәабран 2-нӡа Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалом.

Ажьырныҳәа 30 рзы мрагыларатә Қырҭтәыла регионқәак рҿы асы леир ҟалап

Қарҭ ажьырныҳәа 30 рзы асы леир ҟалап, жәабран 2-нӡа аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, аҳауа аԥхарра ҽынла +5, +8 градус иаҟарахоит.

Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ) аҳауатә лышәшәақәа ҟалом.  Аҳауа аԥхарра ҽынла  +10, +12  градус иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) ажьырныҳәа 30 рзы асы леир ҟалап, жәабран 2-нӡа аҳауатә лышәшәақәа ҟалом.  Аҳауа аԥхарра ҽынла +4, +7 градус иаҟарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало): ажьырныҳәа 30 рзы асы леир ҟалап, жәабран 2-нӡа аҳауатә лышәшәақәа ҟалом.  Аҳауа аԥхарра ҽынла 0,-5  градус иаҟарахоит.