Жәабран 13-14-рзы иԥхаррахоит, аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, жәабран 15 рзы ақәа леир ҟалап
Аԥсабаразы амилаҭтә агентра жәабран 13-14 рзы амш зеиԥшрахо адырра аланарҵәеит.
Аԥсабаразы амилаҭтә агентра аинформациала, жәабран 13-14-рзы иԥхаррахоит, аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, аҳауа аԥхарра ҽынла +20, +25 градус иаҟарахоит, жәабран 15 рзы ақәа леир ҟалап.
Қарҭ жәабран 13-14 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, аҳауа аԥхарра ҽынла +20, +22 градус иаҟарахоит, жәабран 15 рзы – +15, +17.
Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ) жәабран 13-14 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла +22, +24 градус иаҟарахоит, жәабран 15 рзы ақәа леиуеит.
Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) жәабран 13-14 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла +21, +23 градус иаҟарахоит. Жәабран 15 рзы џьара-џьара ақәа леир ҟалап, ихьшәашәарахоит.
Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало): жәабран 13-14 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла +10, +12 градус иаҟарахоит.