Жьҭаара 31 рзы закәандарала ақыҭа Гвиргвина ааигәара иаанкылаз Мевлуд Лаӷошвили ихы дақәиҭуп
Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа импыҵахалоу ақыҭа Гвиргвина иазааигәаны закәандарала жьҭаара 31 рзы иааныркылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ Мевлуд Лаӷошвили ихы дақәиҭуп. Уи Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгьыл аҿы дыҟоуп.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациа ала,Мевлуд Лаӷошвили иаанкылара афакт иазкны адырра анроуҵәҟьа, зыҧшра ҟамҵакәа Ацәаҳәа ҷыда аус адыруит, жәларбжьаратәи апартниорцәеи Женеватәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи адырра рырҭеит.
Мевлуд Лаӷошвили ихақәиҭтәра азҵаара иқәдыргылеит Аинцидентқәа рықәҿыҭреи раԥыҟәҟәаареи рзы амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ергнеҭи имҩаԥгаз аиԥылара аҿы.
“Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаҩ ирласӡаны ихақәиҭтәра амзызла амеханизмқәа зегьы ахархәара рыҭан.
Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ адеструктивтә ауранагӡаразы аҭак рыҧхықәуп ампыҵахалатә мчқәа”, – иануп аинформациа аҿы.