Жьҭаара 25 рзы, Қырҭтәыла зехьынџьара, амуниципалтә центрқәа рҿы иҟоу Аиустициа аҩнқәа 33 афилиалқәа аус руеит
Жьҭаара 25 рзы, Қырҭтәыла зехьынџьара, амуниципалтә центрқәа рҿы иҟоу Аиустициа аҩнқәа 33 афилиалқәа аус руеит

 Жьҭаара 25 рзы аҧсшьарамшны шрылаҳәоугьы, Қырҭтәыла зехьынџьара, амуниципалтә центрқәа рҿы иҟоу Аиустициа аҩнқәа 33 афилиалқәа аус руеит, ауааҧсыра ахаҭара иадҳәалоу амаҵзурақәа мацара роуеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Аиустициа аҩны апрессмаҵзура.

„Лымкаала, жьҭаара 25 рзы Аиустициа аҩны афилиалқәа ауаа ирырҭоит ирмазеиу адокументқәа: Қырҭтәыла атәылауаҩ итәылауаҩшәҟәы, ахаҭара зыршаҳаҭуа агәраргага; аиреи, аҭаацәара алалареи, аҧсреи зыршаҳаҭуа  агәраргагақәа; арзаҳал алаҵара аҽныҵәҟьа ахаҭара аелектронтә агәраргагеи абиометриатә тәылауаҩшәҟәи ргара ҟалоит  Қарҭ  афилиал хадеи, Глдани, Варкеҭилии иҟоу афилиалқәеи, Русҭавии, Баҭымтәи №1, Баҭымтәи  №2, Қәҭешьтәи Аиустициа аҩнқәа рҿы; Аиустициа аҩнқәа аус руеит асааҭ  09:00 инаркны  18:00-нӡа.