Хуберт Книрш ицынхәрас Қырҭтәылаҿ Германтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟалоит Петер Фишер
Хуберт Книрш ицынхәрас Қырҭтәылаҿ Германтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟалоит Петер Фишер.
Ари атәы иҩит Питер Фишер ихаҭа.
«Ҳаҭалатәи ажәабжь ҿыцқәа сымоуп: нанҳәа анҵәамҭаз сареи Мариеи Қарҭҟа ҳдәықәлоит. Уаҟа Германтәыл ацҳаражәҳәаҩс аусура салагоит. Абри ақәыҧшылара шәацклаҧшла», — иҩит Питер Фишер.
С июля 2018 шықәса ҧхынгәы инаркны Петер Фишер Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҿы Германтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан. Адипломат Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ аус иуеит 1986 шықәса инаркны.
Ҳуберт Книрш Қырҭтәыла Германтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵеит 2018 шықәсазы.