Хорватиа аҧыза-министр  - Ҳара еснагь аполитикатәи, адипломатиатәи, агуманитартәи, атехникатәи ганахьала Украина ҳадгылан, ҳаҧхьаҟагьы ари атәыла ҳацхраауеит
Хорватиа аҧыза-министр  - Ҳара еснагь аполитикатәи, адипломатиатәи, агуманитартәи, атехникатәи ганахьала Украина ҳадгылан, ҳаҧхьаҟагьы ари атәыла ҳацхраауеит

«Хорватиа еснагь аполитикатәи, адипломатиатәи, агуманитартәи, атехникатәи ганахьала Украина иадгылан, ҳаҧхьаҟагьы ари атәыла ҳацхраауеит», — иҳәеит Хорватиа аҧыза-министр Андреи Пленкович Украина ахада Володимир Зеленскии иареи Киев еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.

Иара иажәақәа рыла, Хорватиа  аукраин жәлар рфырхаҵареи рыҕәҕәареи ахә ршьоит.

«Ҳара Украина ацхраара наҳагӡоит. Агәра ганы ҳаҟоуп амҩа иаша ҳшану. Асанкциақәа 5 пакетк ҳрыдгылахьеит, уажәы афбатәи апакет азы аус еицаауеит», — иҳәеит  Пленкович.