Хықәкылатәи асоциалтә цхырааразы арзаҳалқәа шьақәдырҕәҕәоит Ашықәс Ҿыцынӡа
Хықәкылатәи асоциалтә цхырааразы арзаҳалқәа шьақәдырҕәҕәоит Ашықәс Ҿыцынӡа

Хықәкылатәи асоциалтә цхырааразы арзаҳалқәа шьақәдырҕәҕәоит Ашықәс Ҿыцынӡа, —  ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла Аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Гьаргь Гахариа.

Гахариа ишиҳәаз ала,  65 нызқь иреиҳаны арзаҳалқәа роухьеит, урҭ рҟынтә 54  нызқь арзаҳалқәа нарыгӡахьеит.

«Абҵара  28 инаркны амч зауз аҧкрақәа  ирыдҳәаланы,  Қырҭтәыла аиҳабыра  хықәкылатәи ацхыраара аҧшьбатәи ацәқәырҧа анагӡара иалагеит. Сара  300 лари зныктәи ацхыраара ауп сызлацәажәо.  Иахьазы  65 нызқь иреиҳаны арзаҳалқәа ҳаухьеит, урҭ рҟынтә  54 нызқь наҳагӡахьеит. Ашықәс Ҿыцынӡа иҳауа арзаҳалқәа зегьы наҳагӡоит», —  иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Уажәазы Қырҭтәыла иаҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны,  Аҧыза-министр инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа хазхаҭалатәи асектори ауааҧсыреи рыцхрааратә пакет ҿыц рыдыркылеит.