Хәажәкыра 26 инаркны ажьырныҳәа 27-нӡа Қырҭтәыла ақәа леиуеит, ашьхаҿ ас дуи, асыҭҳәеи анаҟәеи ҟалоит
Аԥсабаразы амилаҭтә агентра арҭ амшқәа рзы амш зеиԥшрахо адырра аланарҵәеит.
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, хәжәкыра 26 инаркны ажьырныҳәа 27-нӡа Қырҭтәыла ақәа леиуеит, ашьхаҿ ас дуи, асыҭҳәеи анаҟәеи ҟалоит.
Амшын аҟны 3-4 баллк иаҟароу ашторм иазыԥшуп.
Аԥсабаразы амилаҭтә агентра аинформациала, алышәшәақәа рацәа рымшала мраҭашәаратә Қырҭәыла аӡиасқәа рхыҵреи адгьылҳәазаратә процессқәеи аганахьала ашәарҭара цәырҵуеит.
Асыҭҳәеи анаҟәеи, амҩақәа рҿы аҵаахшәылеи рымшала, автомобилтә мҩақәак рҿы автотранспорт аиҭаҵра аанкылахар ҟалап.