Хәажәкыра 1 инаркны ачарақәа, аҧсхәарақәа, аиубилеиқәа уҳәа, асоциалтә уснагӡатәқәа рымҩаҧгара ҟалоит
Хәажәкыра 1 инаркны ачарақәа, аҧсхәарақәа, аиубилеиқәа уҳәа, асоциалтә уснагӡатәқәа рымҩаҧгара ҟалоит, — ари атәы ааицҳаит Аоперативтә штаб анапхгаҩы Гьаргь Гибраӡе.
Иара убас, иара ишиҳәаз ала, аишәак иахатәар рылшоит 10ҩык рҟынӡа, убри адагьы, иаарту ақәыҧшылараҿы атәара азин змаз ауаа рхыҧхьаӡара 10ҩык рҟынтәи 15ҩык рҟынӡа ацлеит.