Хавиер Коломина  - Евроеидгыла аднакылаз аӡбара даараӡа ҳгәы иаахәеит, уи Қырҭтәылеи Натои рзы зеиԥшҟамлац ала ибзиоу жәабжьуп
Хавиер Коломина - Евроеидгыла аднакылаз аӡбара даараӡа ҳгәы иаахәеит, уи Қырҭтәылеи Натои рзы зеиԥшҟамлац ала ибзиоу жәабжьуп

Евроеидгыла аднакылаз аӡбара даараӡа ҳгәы иаахәеит, уи Қырҭтәылеи Натои рзы зеиԥшҟамлац ала ибзиоу жәабжьуп, – —иҳәеит  Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Ҳавиер  Коломина Актәи аканал аинтервиу аҿы.

Коломина Қырҭтәылеи Натои реизыҟазаашьақәа ахәшьара бзиа риҭеит.

Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Қырҭтәылаҟны аизыҟазаашьақәарҵакы дахцәажәан, Евроеидгыла Қырҭтәыла акандидат статус ахьанашьаз даараӡа дшеигәырӷьо иазгәеиҭеит.

Коломина Амшын Еиқәа арегион астратегиатә ҵакы дахцәажәеит. Иажәақәа рыла,  Москва импыҵахалоу Аԥсны урыстәылатәи амшынтә арратә база аиҿкаара ажәабжь иазкны Нато агәынамӡара аанарԥшуеит.

Иара убас Хавиер Коломина ишазгәеиҭаз, Нато Бухаресттәи асаммит аӡбара адгылоит, Қырҭтәыла алианс алалоит.

Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Ҳавиер  Коломина ишазгәеиҭаз, уажәы Натоҿ ирбаӡоим рыстәыла Қырҭтәыла аанахьала агрессиа мҩаԥнагоит ҳёа.