Харьков аганахала Урыстәыла имҩаԥнагаз ажәылараан ҩыџьа ҭахеит, 34-ҩык ахәрақәа роуит
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, Харьков аганахала Урыстәыла арратә мчқәа имҩаԥыргаз ажәылараан ҩыџьа ҭахеит, 34-ҩык ахәрақәа роуит.
Украина ахада Володимир Зеленски ари ахҭыс зныԥшуа авидеонҵамҭа асоциалтә каҭаҿы алаирҵәеит. Зеленски иажәақәа рыла, аҩнеихагыла ду аԥҽыхақәа рыҵаҟа ауаа иҟазар ҟалап.
“Ҳпартниорцәа ирбоит ҳтәылаҿ есымша иҟоу аҭгылазаашьа зеиԥшроу. Урҭ ирыдыркыло аӡбарақәа – ҳажәлар рыԥсҭазаароуп. Урыстәыла ҳаидгыланы ҳаҿагылароуп”, -иҳәеит Зеленски.