Хаҭуна Ҭоҭлаӡе - Қырҭтәылеи Ватикани ирзеиҧшу апринципқәа рымоуп, аҳәынҭқарра шьаҭас иамазаарц иахәҭоу аҭынчреи аҭышәынтәалареи анормақәа ирықәныҟәит
«Қырҭтәыла аиҭаҿиара апроцессаҿ аиашахаҵаҩцәеи акатоликцәеи еснагь еидгылан. Акатоликатә уахәама ҳтәылаҿ европатәи апринципқәа раларҵәара аус аҿы еснагь аҧхьагылара аман», — илҳәеит Қырҭтәыла адәныҟаәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Ҳаҭуна Ҭоҭлаӡе Ватикан имҩаҧгаз адкылараҿы.
«Иахьа Ватикан Қырҭтәыла европатәи амҩа ҕәҕәала иадгылоит. Сара Ватикантәи абаҳчақәа рҿы Ивертәи Анцәа Иан лмозаика аартра ацеремониа схы аласырхәоит, уи сара сзы ҳаҭыр дууп. Ари ахҭыс ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара иацхраауеит», — илҳәеит Хаҭуна Ҭоҭлаӡе.
Иахьа Ватикан имҩаҧысуеит Ивертәи Анцәа Иан лмозаика аартра аофициалтә церемониа. Ацеремониа иалагаанӡа, Аиҭаҿиара аепоха азалаҿ адкылара мҩаҧган. Ахәылԥаз аҿы иқәгылеит ансамбльқәа «Сухишвилиааи» «Басиании».