Урыстәылеи Китаи рырратә ӷбақәа аокеан Ҭынч аҟны раԥхьаӡа акәны апатрульра еицымҩаԥыргеит
Урыстәылеи Китаи рырратә ӷбақәа аокеан Ҭынч аҟны раԥхьаӡа акәны апатрульра еицымҩаԥыргеит

Урыстәылеи Китаи рырратә ӷбақәа аокеан Ҭынч аҟны раԥхьаӡа акәны апатрульра еицымҩаԥыргеит. Ари атәы аанацҳаит “Роитер” Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ҵаҵӷәыс аҭаны.

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа инақәыршәаны, Урыстәылеи Китаи рырратә ӷбақәа аокеан Ҭынч мраҭашәаратәи ахәҭәҟны раԥхьаӡа акәны апатрульра еицымҩаԥыргеит жьҭаара 17-23 рзы.

Аминистрра аинформациа ала, апатрульра хақәкыс аман Урыстәылеи Китаи рбираҟқәа рыҵаҟа иӡсо аӷбақәа рырбара, Азиа-аокеан Ҭынч арегион аҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчара, атәылақәа рыбжьара амшынтә-економикатә усзура ахьчара.

Москвеи Пекини жьҭаара алагамҭазы азыҟаҵарақәа Иапониатәи амшын аҟны еицымҩаԥыргеит.