Урыстәылатәи мчқәа Харьковтәи аобласт иаҵанакуа Гроза ақыҭа абомба ақәрыжьит, иҭахеит 48-ҩык
Урыстәылатәи мчқәа Харьковтәи аобласт иаҵанакуа Гроза ақыҭа абомба ақәрыжьит, иҭахеит 48-ҩык

Урыстәылатәи мчқәа Харьковтәи аобласт , Купиансктәи араион иаҵанакуа Гроза ақыҭа абомба ақәрыжьит, иҟоу адыррақәа рыла, иҭахеит 48-ҩык.

Адыррақәа аладырҵәеит Харьковтәи аобласттә администрациа анапхгаҩы Олег Синегубови Украина ахада Володимир Зеленскии.

Синегубов идыррақәа рыла, абомбақәа ауаа рацаны ахьыаз акафеи адәқьани ақәрыжьит. Аҭыԥ аҿы аус руеит аиқәырхаҩцәа. Иҭахаз дреиуп фышықәса зхыҵуа ахәыҷы. Фҩык ахәрақәа роуит, урҭ дреиуп ахәыҷы.

Ахҭыс иадҳәаланы Украина ахада иҟаиҵаз аҳәамҭала, урыстәлатәи атерор аанкылатәуп.