Урыстәылатәи арбџьармчқәа Краматорск аихамҩатә вокзал аракетақәа аларыжьит
Урыстәылатәи арбџьармчқәа Краматорск аихамҩатә вокзал аракетақәа аларыжьит

Урыстәылатәи арбџьармчқәа Краматорск аихамҩатә вокзал аракетақәа аларыжьит.

Украинатәи АИХ адыррақәа рыла,  30ҩык ҭахеит,  100ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит.

Донецктәи атәылаҿацәтә администрациа анапхгаҩы  Павел Кириленко иҳәамҭала, аихамҩатә вокзал иаахеит  «Искандер» аракетақәа рыла. Аракетатә жәылара аан авокзал аҿы зқьҩык раҟара ауааҧсыра иҟан, ауаа усҟак ишәарҭам араионқәа рахь аевакуациа рзыруан.