Урыстәылатәи арбџьармчқәа Киеви егьырҭ украинатәи ақалақьқәеи ҕәҕәала ираахеит 

11:16, 02.06.2026

Урыстәылатәи арбџьармчқәа Киеви егьырҭ украинатәи ақалақьқәеи ҕәҕәала ираахеит. Иҭахази ахәрақәа заузи иҟоуп.

Киев ахада Витали Кличко иажәақәа рыла, Украина аҳҭнықалақь ажәылараан жәҩык ҭахеит, 51ҩык иреиҵамкәа ахәрақәа роуит, хҩык ахәыҷқәа инрылаҵаны. Аҳҭнықалақь еиуеиҧшым араионқәа рҿы ахыбрақәа амца рыцралеит,  афымцамҩангагақәа аҧхасҭа роуит.

Днепр ажәылараан 5ҩык ҭахеит,  25ҩык ахәрақәа роуит.

Харьков 5ҩык иреиҵамкәа ахәрақәа роуит,  урҭ руаӡәы дхәыҷуп. Анхарҭатә ҩнқәеи,  амашьынақәеи,  аофистә хыбрақәеи аҧхасҭар роуит.

Еиԥшу