Урыстәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, швеицариатәи абанкқәа рҿы аурыс клиентцәа рыԥхьаӡарақәа рхылаԥшра џьбарахоит
Урыстәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, швеицариатәи абанкқәа рҿы аурыс клиентцәа рыԥхьаӡарақәа рхылаԥшра џьбарахоит

Урыстәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, швеицариатәи абанкқәа рҿы аурыс клиентцәа рыԥхьаӡарақәа рхылаԥшра џьбарахоит.

Швеицариатәи аиуристтә биуро “Леолекс” ахаҭарнак Роман Кудинов ишааицҳаз, урҭ мызкы аԥхьа швеицариатәи абанкқәа “UBS”-и “Кредит суиси” рклиентцәа аацҳамҭа роуит Урыстәыла абиуџьет ахь аԥара ашәара иаҟәымҵыр, рыԥхьаӡарақәа шдыркхо.

“Кредит суис” ари аинформациазы алкаа ҟанаҵом. Уаанӡа ШВеицариа анапхгара аланарҵәаза дыррақәа рыла, Швеицариа 7.5 миллиард франк иаҟароу урыстәлатәи активқәа ирҵааит.