Урыстәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, Курсктәи аобласт аҟны афедералтә ҭагылазаашьа ҷыда рылаҳәоуп
Урыстәыла, Курсктәи аобласт аҟны афедералтә ҭагылазаашьа ҷыда рылаҳәоуп, – аарыцҳаит урыстәылатәи аихқәа.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аинформациала, аҭагылазаашьа ҷыда рыларҳәоит аԥсабаратә рыцҳарақәа, ишәарҭоу аԥсабаратә цәырҵрақәа, акатастрофақәа раан.
Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аҭагылазаашь аҷыда акласификациа инақәыршәаны, афедералтә ҭагылазаашьа ҷыда зегь реиҳа зыҩаӡара ҳараку режимуп.
Нанҳәа 6 рзы украинатәи дронқәа Суджа ақалақь ааигәара ҩынтә ажәылара мҩаԥыргеит. Украина арбџьармчқәа аобласт аҟны хеиланхарҭак ааныркылеит. Аланҵәара зауз адыррақәа рыла, атерриториаҿ иҟоу 400-ҩык украинатәи аибашьцәа. Иҵегьы 2000-ҩык аруаа аҳәаа ааигәара игылоуп. Ажәылараан иҭахеит ԥшьҩык аҭынч тәылауаа, 31-ҩык ахәрақәа роуит.
Арегион аҟынтә ауаԥсыра ревакуациа мҩаԥысуеит.