Урыстәыла Херсонтәи атәылаҿацә аганахьала инанагӡаз ажәылара амшала быжьҩык ахәрақәа роуит 
Урыстәыла Херсонтәи атәылаҿацә аганахьала инанагӡаз ажәылара амшала быжьҩык ахәрақәа роуит 

Урыстәыла Херсонтәи атәылаҿацә аганахьала инанагӡаз ажәылара амшала быжьҩык ахәрақәа роуит

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыҩныҵҟала Урыстәыла Херсонтәи атәылаҿацә аганахьала инанагӡаз  ажәылара амшала быжьҩык ахәрақәа роуит.

Ари атәы ааицҳаит Херсонтәи атәылаҿацә администрациа анапхгаҩы Алеқсандр Прокудин.

Иара иажәақәа рыла, урыстәылатәи арбџьармчқәа 15 анхарҭатә пунктқәа иреихсит.

Иара убас, Украина Аҳаиртә мчқәа рдыррақәа рыла, иаха Урыстәыла Украина Сумтәи атәылаҿацә ахырхарҭала, 8 дронки авиациатә ракета  Х-69-и дәықәнаҵеит.