Урыстыла Украина аладахьала ажәылара џьамтәылатәи "камикаӡе дронқәа" рыла мҩаԥнагеит
Урыстыла Украина аладахьала ажәылара џьамтәылатәи "камикаӡе дронқәа" рыла мҩаԥнагеит

Урыстәы́ла Украинаҿ зымҽхак ҭбаау аибашьра алагеитжьҭеи 405 мшы ҵит. Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, уахынла Урыстыла Украина аладахьала ажәылара џьамтәылатәи “камикаӡе дронқәа” рыла мҩаԥнагеит.

Украина арратә-аҳауатә мчқәа ишаарыцҳаз, ампыҵахалаҩцәа ирышьҭыз  17 дронқәа рҟынтә, укрианаа 14 ҭадырхеит.

Уаанӡа украинатәи аихқәа рҿы аларҵәара зауз аинформациа ала, аԥжәарақәа ҟалеи Одессаҿ. Одессатәи аобласт аҟны аԥырҩы дызмам аԥырратә аппаратқәа рыла ажәылара ааглыхра аганахьала мҩаԥган, ааглыхра  абылра алагеит. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵәзура аусуҩцәа амца дырцәеит. Ажәылараан аӡәы дҭахеит ҳәа адыррақәа иҟам.