Урыстәыла, Воронежтәи аобласт Острогожтәи араион аҟны дронқәа ржәылара иахҟьаны аҭагылазаашьа ҷыда рыларҳәеит
Урыстәыла, Воронежтәи аобласт Острогожтәи араион аҟны дронқәа ржәылара иахҟьаны аҭагылазаашьа ҷыда рыларҳәеит

Урыстәыла, Воронежтәи аобласт Острогожтәи араион аҟны дронқәа ржәылара иахҟьаны аҭагылазаашьа ҷыда рыларҳәеит, имҩаԥысуеит ауааԥсыра ревакуациа.

Аобласт агубернатор Александр Гусев ишааицҳаз ала, уахынла дронк карыжьит, ари амцакра иахылҵит, амца амца еиҳа-еиҳа аҽеиҵнахын, артҟәацга маҭәашьарқәа рдетонациа ҟалеит.

Украиатәи урыстәылатәи “Телеграм” аканалқәа рыла аларҵәара зауз адыррақәа рыла, адрон аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа ақәхаит.