Урыстәыла, Таганрог агәҭны аԥжәара ҟалеит
Урыстәыла, Таганрог агәҭны аԥжәара ҟалеит

Урыстәыла, Таганрог ақалақь агәҭны аԥжәара ӷәӷәа ҟалеит.

Урыстәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, ихәит 12-ҩык.

Ростовтәи аобласт агубернатор Васили Голубев ишааицҳаз, иҟоу адыррақәа рыла аракета тҟәацит.

Атҟәацра кафек ааигәара ҟалеит, ааигәа иҟаз ахыбрақәеи амашьынақәеи аԥхасҭа роуит. Ахыбрақәа рыҵаҟа ауаа иҟазар ҟалап.

Егьырҭ адетальқәа макьана идырым.