Урыстәылатәи ар рыхәҭақәак Шьамтәыла иалгахоит

Урыстәылатәи арратә контингент Шьамтәыла иалгахоит, урҭ Урыстәылаҟа ихынҳәуеит мчыбжьык аҩныҵҟа.  Аҳәамҭа ҟаҵоуп Урыстәыла Ахада шьамтәылатәи Хмеимим аҟны иҟоу арратә база аррамаҵзурауаа рҿаԥхьа данықәгылоз.
2016 шықәса хәажәкырамзазы Путин Шьамтәыла иалеигалеит Урыстәылатәи арратә мчрақәа ргәыԥ. Уажәы урҭ рнапынҵа ахьынарыгӡаз инадҳәаланы иӡбоуп реиҳараҩык Урыстәылаҟа рыргьыжьра. Иаанхо ракәзар, аҭыԥантәи аррамаҵзурауаа разыҟаҵаҩцәаси рабжьагаҩцәаси иаанхоит. Иара убри аан Урыстәыла мап ацәнакуам Шьамтәыла арратә техникала аиқәыршәарагьы. Аус шауц иаулоит авиабаза “Хмеймим”, ар материал-техникатә еиқәыршәаратә пункт аанхоит Тартус. Урҭ рыдагьы Шьамтәыла аус шауц иауеит аиныршәаразы урыстәылатәи Ацентр.