Урыстәыла, Липецктәи аобласт агубернатор ишааицҳаз ала, аобласт аганахьала дронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, жәҩык ахәрақәа роуит, аԥхасҭа аиуит аенергообиект
Урыстәыла, Липецктәи аобласт агубернатор ишааицҳаз ала, аобласт аганахьала дронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, жәҩык ахәрақәа роуит, аԥхасҭа аиуит аенергообиект

Урыстәыла, Липецктәи аобласт агубернатор Игор Артамонов ишааицҳаз ала, аобласт аганахьала дронқәа рыла ажәылара мҩаԥган, жәҩык ахәрақәа роуит, аԥхасҭа аиуит аенергообиект.

Агубернатор иажәақәа рыла, ауааԥсыра афымцалашарада иаанхеит.

Ажәылараан ахәрақәа зауз атәылауаа аҭыԥантәи ахәшәтәырҭақәа рҿы рҽырыхәшәтәуеит.