Урыстәыла ишырҳәаз ала, Аҳаирхьчаратә мчқәа Москва ахырхарҭала иҧыруаз  25 украинатәи адронқәа карыжьит
Урыстәыла ишырҳәаз ала, Аҳаирхьчаратә мчқәа Москва ахырхарҭала иҧыруаз  25 украинатәи адронқәа карыжьит

Урыстәыла ишырҳәаз ала, Аҳаирхьчаратә мчқәа Москва ахырхарҭала иҧыруаз  25 украинатәи адронқәа карыжьит. Урыстәылатәи АИХқәа ари аинформациа аладырҵәеит Москва ахада Сергеи Собианин иҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, адронқәа рыҧҽыхақәа ркаҳара ҧырхагак ахылымҵит.

Адронқәа рыла ажәылара ашәарҭара амшала, москватәи аҳаирбаҕәазақәа «Домодедовои»  «Жуковскии» аамҭала ареисқәа рыдкылареи рдәықәҵреи иааныркылеит.  «Внуково» абжьааҧнытә режимаҿ аус ауеит.