Урыстәыла иадгыло украинатәи асепаратистцәа  Украина иааныркылаз Британиа Ду атәылауаҩ дыҧсит
Урыстәыла иадгыло украинатәи асепаратистцәа  Украина иааныркылаз Британиа Ду атәылауаҩ дыҧсит

Урыстәыла иадгыло украинатәи асепаратистцәа  Украина иааныркылаз Британиа Ду атәылауаҩ дыҧсит

Урыстәыла иадгыло украинатәи асепаратистцәа  Украина иааныркылаз Британиа Ду атәылауаҩ Пол Ари дыҧсит. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

Иаанкылаз иҭаацәара ирыцхраауаз аилахәыра  Presidium Network ишаанацҳаз ала, Британиа Ду Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҭаацәара ирыдҵаалахьеит.

45 шықәса зхыҵуаз  Пол Ари  мшаҧы азы Донбасс дааныркылеит. Иара ақьырауаҩ иаҳасабала аибашьра алахәызаара ихарарҵон.

Sky News ишану ала,  иазхаҵам Донецктәи  жәлартә республика аомбудсмен   Дариа  Морозова асоциалтә аҳаҿы илҩит Пол ашьақар чымазареи, аҧсыҧ-лагаҩагаратә проблемақәеи, иара убас, аҷаҷа ачымазареи, агәыхьи иман ҳәа.